АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Гәдоуҭа араион иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ааха роуит.
УАЗ ацхыраара лас амашьына иаҿалеит, уи иахҟьаны иара хышәҭит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Анзор Базба.
Афельдшери ацхыраара лас аныҟәцаҩи ахәшәтәырҭа ишьҭарҵеит, рыԥсҭазаара шәарҭаӡам.