АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд (Урыстәыла) аицлабра алахәхара икоммерциатәым аиҿкаарақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи анаплакыҩцәеи еиҟароу апартниорцәаны аҟаларазы алшара рынаҭоит ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыпроектқәа аиҳабыратә усбарҭақәа русура аԥсахра шалымшо.
Аха убри аан, афонд иҟанаҵо адгылара иабзоураны, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ридеиақәа рынагӡаразы аԥараз аҳәынҭқарра иаҳәаӡом, урҭ ихиоу рпроектқәеи афинанстә цхыраареи рыманы аиҳабыра рахь инеиуеит, акырӡагьы еиҳа хра аиуеит ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгарақәа рынагӡаразы иазыԥҵәоу аԥарақәа зегьы ааизакны 115 миллион мааҭ инаӡоит.