АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы аԥыррақәа ршәарҭадаразы аамҭалатәи аԥкрақәа алагалахеит.
Уажәаԥхьа, нанҳәа 8 рзы, ақалақь дронла ақәлара ашәарҭара ыҟоуп ҳәа адырра ҟаҵан.
Аҳаирбаӷәаза амаҵзурақәа аԥкрақәа анаԥыххалак ашьҭахь аусура иазхиоуп, иара убас аҳаиртә еилазаарақәа аиҭакрақәа зегьы ртәы апассаџьырцәа ирарҳәалоит ҳәа ануп аҭыжьымҭаҿы.