Аԥсны

Ԥсоу аҳәаа аркуп украинатәи адронқәа рыла ақәыларазы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Украинатәи адронқәа рыла ақәыларазы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аамҭала иаркуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Абри азы аӡбара аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа еиқәшаҳаҭны ирыдыркылеит ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аамҭалатәи аԥкрақәа ашьаҟауаа рымҩеи амашьынамҩеи ирызкуп ҳәа иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура. "Аԥсны аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟоу аҳауахьчаратә системақәа аибашьратә гәҽанҵара рыҭоуп, ахысра иазыхиоуп", — ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.
Уаанӡа иааихьаз адыррақәа рыла, Шәача аҳаирбаӷәазаҿы аамҭалатәи аԥкрақәа алагалан.