АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба аргылаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аргылаҩҟәа русура атәыла аҿиаразы аҵак ду шамоу дазааҭгыло иҳәеит, аргылаҩцәа рыбзоурала ареспубликаҿы аҩнқәа, ашколқәа, ахәшәтәырҭақәа уҳәа хра злоу аинфраструктурақәа шыргылахо.
Аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит рзанааҭдырреи рус ҭакԥхықәрала иахьазнеиуеи рзы.