Еиду Америкатәи аштатқәа, Ермантәыла, Азербаиџьан рнапхгаҩцәа Еревани Бақәеи реимак аӡбаразы еицырзеиԥшу адекларациа рнапы аҵарҩит Вашингтон нанҳәа 8 рзы.
Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви рнапы зҵарыҩхьоу Аҭынчразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ашьақәырӷәӷәареи шхымԥадатәиу атәы аҳәоит. Ари ахҭыс Урыстәылеи Ирани ишрыдыркылаз, анаҩстәи ашьаҿақәа зеиԥшрахо, насгьы Урыстәыла ахаҭа иаԥеиԥшу аиҿцәажәара дуқәа рҿы, игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи аиҿцәажәара.