АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеии Псковтәи аобласт аҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарреи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Рнапы аҵарҩит амузеиқәа рнаԥхгаҩцәа Мзиа Беиԥҳаи Наталиа Субботаи.
Аусшәҟәы иаҵанакуеит еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара, ацәыргақәҵақәа реиқәыршәара, аметодикатәи адырраҭаратә материалқәа реимдара, амузеитә материалқәа рфото-видеоеимадарақәа рымҩаԥгара.
Анапы аҵарҩаанӡа, агубернатор Михаил Ведерников наԥхгара зиҭоз Псковтәи аобласт аделегациа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьаан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит.
Иара убас, асасцәа Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы аекскурсиа рзымҩаԥган.