Иааигәаӡахеит аҵарашықәс ҿыц. Иабанӡазыхиоу Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи сынтәатәи аҵарашықәс, ирҭагылазаашьоузеи аҵаратә хыбрақәа, иҟоума аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа, ирызхоума ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, актәи аклассахь инеиуа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.