АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Аԥснытәи аенергетикцәа "Росатом Энергосбыт" ашьаҭала аҵара иахысит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Апрограммаҿы иарбан аҭиратә еилахәырақәа русура аиҿкаара, амчхаратә еиҿкаарақәа русеицура, аиқәшаҳаҭратә усуреи ахәаахәҭыҩцәа рымаҵзуреи, ауал зқәуи ацифратә технологиақәеи напхгара рыҭара уҳәа атемақәа рыла.
Онлаин-курс иахысит 11-ҩык аҟазацәа. Иара еиҿкаан Аԥсни Урыстәылеи аенергетика аминистррақәа русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.