АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба дырԥылеит жәларбжьаратәи алагер "Ахьышьҭрахь" алахәылацәа.
Алагер ареспубликаҿы есышықәса еиҿыркаауеит, аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа рхәыҷқәеи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхәыҷқәеи рзы.
"Зыԥсҭазаареи згәабзиареи ахҭынҵаны, аԥсуаа рхатәы дгьыл аҿы инхаларц, ихьыԥшым аҳәынҭқарра арҿиареи аргылареи рзы рзинқәа зыхьчоз ауаа рхылҵшьҭрақәа иахьа, аҭынчра аамҭазы, Аԥсныҟа рааира ҳгәы иаахәоит", — ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, ареспубликеи адиаспорақәеи рҿар реимадара атрадициа бзиақәеи аизыҟазаашьа бзиақәеи реиқәырхареи рзы аҵак ду шрымоу.
"Ари ҳаиашьаратә жәларқәеи, Нхыҵ-Кавкази, аладатәи Урыстәыла ареспубликақәеи рыжәларқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоу хықәкылатәи аҳәынҭқарратә политикоуп", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Актәи агәыԥ ареспублика иаҭаахьеит, уи иалахәын Ҭырқәтәылантәи ахәыҷқәа. Уажәы Аԥсны иҟоуп Нхыҵ Кавкази аладатәи Урыстәыла ареспубликақәеи рхаҭарнакцәа 70-ҩык. Урҭ уаҵәы рыҩныҟа ихынҳәуеит, нанҳәа 23 рзы Ҭырқәтәылантәи ахԥатәи агәыԥ аауеит.
Иааидкыланы, сынтәа аԥхынразы алагер аҿы 210-ҩык рыдыркылоит.