АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Америка 17 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны ЕАР аҿы Урыстәыла иаҿагыло аҳәамҭа алахәхара мап ацәнакит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкыз Еидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы, Еиду Аштатқәа Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара адгыларази Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла арратә базақәа рыҟазаара ақәыӡбарази мраҭашәаратәи атәылақәа еицырзеиԥшу аҳәамҭа иадымгылеит.
"Ари ашьаҿа Америка ахадара ҿыц азнеишьа шыԥсаххаз аанарԥшыр алшоит. Ҳзышьцылахьоу Урыстәыла иаҿагыло ариторика ацымхәрас, аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи аицәажәара аиҭашьақәыргылареи ирзырхоу, еиҳа ишәаны-изаны иҟоу апрагматикатә курс амҩаԥгараз агәазыҳәара шыҟоу убарҭоуп", — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Еиду Америкатәи аштатқәа ирыдыркылаз аӡбара дыргак аҳасаб ала иԥхьаӡатәуп: Вашингтон Аахыҵ Кавказ иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа мап ацәызкуа, ганк иатәу аҳәамҭақәа рыдгылара уаҳа иазхиам. Иара иазгәеиҭеит, акурс ҿыц ақәныҟәара аимак-аиҿакқәа рырмаҷреи еиҳа ихырҳагоу аицәажәарахь аиасреи ирыцхраар шалшо.