Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи атауар ахәаахәҭра арежим азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи иақәшаҳаҭхеит Аминистрцәа реилазаара.
Аиқәшаҳаҭра ихадоу пунктны иҟалоит ҭагылазаашьақәак рҿы атауарқәа атәыла ралагалареи ралгареи рзы аҳазатә баџьқәа рҟынтәи ахақәиҭтәра.
"Аԥсны иҭрыжьуа атауар Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ирышьҭуазар, Аԥснытәи аџьармыкьа еиԥшҵәҟьа уи азы уа аџьармыкьа аартхоит", — ҳәа азгәеиҭеит аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа.
Аԥхьатәи ахәшьарақәа рыла, аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара атауареикәыршара шықәсык ахь миллион мааҭ иреиҵамкәа иҟоуп.