Аԥсны

Аԥсны абылтәы аџьармыкьа аҳәаақәҵара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рыҿҳәара иацҵахоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны абылтәы аџьармыкьа аҳәаақәҵара иадҳәалоу аамҭалатәи аусмҩаԥгатәқәа рыҿҳәара иацҵахоит.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ақәҵара аиҭакрақәа алагалан.
Урҭ рыҿҳәара 2026 шықәса нанҳәа 31 рҟынӡа иацҵоуп. Ахылаԥшра Аенергетика аминистрра анапы ианҵоуп.
Аӡбра абылтәы аџьармыкьаҿы аҭышәынтәалареи, ари ахырхарҭаҿ аҳәынҭқарратә хылаԥшра арӷәӷәареи ирзырхоуп.