Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы Аҟәатәи абааш ахь абилеҭқәа рыхәқәа шьақәдырӷәӷәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы Аҟәатәи абааш ахь абилеҭқәа рыхәқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абааш" аҭаара ҳәаақәҵахоит абарҭ ахәԥсақәа рыла:
Аԥсны атәылауаа - хәыда-ԥсада, ▫️Адуцәа рзы - 200 мааҭ,
12 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа - хәыда-ԥсада,
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи – хәыда-ԥсада.
Ԥхынгәымза 30 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иаадыртит ажәҩан аҵаҟатәи амузеи "Аҟәатәи абааш".
Аԥсны
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажәҩан аҵаҟатәи амузеи "Аҟәатәи абааш" аатит