Аԥсны

Аспорттә дәы ҿыц аадыртит Ешба имҩа аҿы, Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аспорттә дәы ҿыц аадыртит Ешба имҩа аҿы, Аҟәа.
Адәы анапылампыл, амҵәышәымпыл, ашьапылампыл асырҭақәа рыла еиқәыршәоуп, абаҩрҵәыра аҟаҵарҭақәеи ахәаԥшцәа рзы аҟәардәқәеи ргылоуп.
Иаарту аспорттә дәы абыжьбатәиуп Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсны азы ҳамҭас иаиуа.
Аспорттә дәқәа Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала идыргылеит. Урҭ зегьы еизакны 12 ҟалоит: Аҟәа — ааба, Тҟәарчал — ҩба, Очамчыреи Гали — ҩба-ҩба.