АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Очамчыра араион аҟны амшцәгьа аԥхасҭа ҟанаҵеит.
Ақәаршҩы ӷәӷәеи аԥшатлакәи аҵлақәа хыржәеит, афымцацәаҳәақәа ԥырҵәҵәеит, амҩақәа аӡы рнылеит.
Еиҳарак ааха роуит амшын аԥшаҳәа иахьаҵананакуа, апаркқәа, ахатәыҩнқәа. Аинфраструктурагьы ааха аиуит.
Араион акоммуналтә маҵзурақәа русура рӷәӷәоуп.