Аԥсны

Пицунда ахатәыҩнқәа шәкы рҟынӡа лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Пицунда ахатәыҩнқәа шәкы рҟынӡа лашарада иаанхеит.
"Афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, уи иахҟьан ахшзауад иахьаҵанакуа аҩнқәа лашарада иҟоуп", — абри атәы ааицҳаит Пицунда ақалақь ахада Рустам Агрба.
"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит.
Иара иажәақәа рыла, илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны аџьармыкьа азааигәара иҟоу Агрба имҩа аӡы ахыҵәеит, аӡыҭгагақәа рыцхыраарала аӡы ақәгара иаҿуп.