АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аҟәа ақьалақь ариаҵәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Уи иазгәеиҭеит, ақалақь анапхгара Пушкин имҩа иаваршәны ашьаҟамҩақәа рырҽеира ишацырҵо. Иара убас, Арӡынбеи Гәлиеи рымҩақәа рыбжьара ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵахоит.
Гималаитәи анызҵлақәа рыхҵәара гәыхьуп, аха уи ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа азгәеиҭеит ақалақь ахада, иара иажәақәа рыла, иааиуа ашықәс азы аҳҭнықалақь аҿы 500 ҵла еиҭаҳахоит.
Аҟәа ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳҭнықалақь ахадара "ашәарҭадаратә қалақь" аконцепциа ишықәныҟәо, Аиааира апроспекти Пушкин имҩадуи реихысырҭа ҿырԥштәуп — уаҟа ашьаҟамҩақәа ринфраструктура еиҭахәаԥшхоит.
Ашьаҟамҩақәа рырҽеиразы аусурақәа ахарџь рхахьы иргеит аҟәатәи анаплакҩцәа.