АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҳаҭыраз аныҳәамтә концерт мҩаԥысит Аҟәа.
Аконцерт алагаанӡа еизаз идырбан Урыстәыла ахадас иҟаз Дмитри Медведев нанҳәамза 26 2008 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаиҵоит ҳәа ахьиҳәо иқәгылара.
Аныҳәамтә концерт иалахәын ашәаҳәаҩцәа — Лиудмила Гәынԥҳа, Џьимми Шәманиа, Хьыбла Мықәԥҳа, Анатоли Алтеиба, аетнографиатә ансамбль "Нарҭаа", аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" уҳәа иҵ.
Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.