Аԥсны

Бадра Гәынба Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкыз аконцерт аҟны адныҳәалара ҟаиҵеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра амш.
"Шәышықәсала ҳаззыҧшыз, ҳзеиҧхыӡуаз ахҭыс нагӡахеит — адунеижәларбжьара иазхаҵоу ҳхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара-анҵыра. Ҭоурыхла иамоу аҵакы ҳасаб азуны, ҳтәылауаа ари амш ҷыдала бзиа ирбоит, пату рзақәуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира амш ашьҭахь", — иҳәеит ахада, Аҟәа аконцерт аан дықәгыло.
Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.