Аԥсны

Ԥсҳәы ахақәиҭтәразы афашистцәа ирҿагыланы ақәԥара

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аџьынџьтәылатәи ибашьра Дуӡӡаан, 1942 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы, аоперациа "Едельвеис" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Санчаратәи, Марыхәтәи, Клыхәратәи ахыҵырҭақәа рыла Аԥсны иалалеит анемец ашьхахысцәа рдивизиақәа.
Нанҳәамза 27 рзы афашистцәа Ԥсҳәы ақыҭа ааныркылеит.
Урҭ ирҿагылан асовет еибашьцәеи аибашьра-нырҵәаратә баталионқәа ирылаз аҭыԥантәи ауааԥсыреи. Анемеццәа хыԥхьаӡарала ишеиҳазгьы, еиҳа иманшәалаз аҭагылазаашьа бзиақәа шрымазгьы, ԥхьаҟа рцара аанкылан.
Аибашьра ӷәӷәақәа цон ашьхақәа рҿы. Гәдоуҭатәи ахыҵырҭаҿы аӷа ируааи асовет баталионқәа ҩбеи еиҿагылеит, Доутәи ахыҵырҭаҿы – аҟәатәи аибашьцәеи аҭыԥантәи хатәгәаԥхарала аибашьцәеи хымш рыҩнуҵҟа аӷа иҿагылан.
Цәыббрамза алагамҭазы Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи уахь ацхырааҩцәа неит. Аполковник Иван Пиашев инапхгарала аконтржәылара иалагеит. Цәыббрамза 9 рзы Ԥсҳәы ақыҭа афашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.