https://sputnik-abkhazia.info/20250827/sy-akhaitrazy-afashisttsa-iragylany-aara-1057148253.html
Ԥсҳәы ахақәиҭтәразы афашистцәа ирҿагыланы ақәԥара
Ԥсҳәы ахақәиҭтәразы афашистцәа ирҿагыланы ақәԥара
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аџьынџьтәылатәи ибашьра Дуӡӡаан, 1942 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы, аоперациа "Едельвеис" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Санчаратәи, Марыхәтәи... 27.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-27T10:40+0300
2025-08-27T10:40+0300
2025-08-27T11:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/01/1031741109_0:78:1500:922_1920x0_80_0_0_7c26857b082efce9dbbbfcab2e36d430.jpg
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аџьынџьтәылатәи ибашьра Дуӡӡаан, 1942 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы, аоперациа "Едельвеис" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Санчаратәи, Марыхәтәи, Клыхәратәи ахыҵырҭақәа рыла Аԥсны иалалеит анемец ашьхахысцәа рдивизиақәа. Нанҳәамза 27 рзы афашистцәа Ԥсҳәы ақыҭа ааныркылеит. Урҭ ирҿагылан асовет еибашьцәеи аибашьра-нырҵәаратә баталионқәа ирылаз аҭыԥантәи ауааԥсыреи. Анемеццәа хыԥхьаӡарала ишеиҳазгьы, еиҳа иманшәалаз аҭагылазаашьа бзиақәа шрымазгьы, ԥхьаҟа рцара аанкылан. Аибашьра ӷәӷәақәа цон ашьхақәа рҿы. Гәдоуҭатәи ахыҵырҭаҿы аӷа ируааи асовет баталионқәа ҩбеи еиҿагылеит, Доутәи ахыҵырҭаҿы – аҟәатәи аибашьцәеи аҭыԥантәи хатәгәаԥхарала аибашьцәеи хымш рыҩнуҵҟа аӷа иҿагылан. Цәыббрамза алагамҭазы Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи уахь ацхырааҩцәа неит. Аполковник Иван Пиашев инапхгарала аконтржәылара иалагеит. Цәыббрамза 9 рзы Ԥсҳәы ақыҭа афашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/01/1031741109_84:0:1417:1000_1920x0_80_0_0_c8fd56510ee6ede649b2f5832ef95b9a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ԥсҳәы ахақәиҭтәразы афашистцәа ирҿагыланы ақәԥара
10:40 27.08.2025 (ирҿыцуп: 11:24 27.08.2025) АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аџьынџьтәылатәи ибашьра Дуӡӡаан, 1942 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы, аоперациа "Едельвеис" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Санчаратәи, Марыхәтәи, Клыхәратәи ахыҵырҭақәа рыла Аԥсны иалалеит анемец ашьхахысцәа рдивизиақәа.
Нанҳәамза 27 рзы афашистцәа Ԥсҳәы ақыҭа ааныркылеит.
Урҭ ирҿагылан асовет еибашьцәеи аибашьра-нырҵәаратә баталионқәа ирылаз аҭыԥантәи ауааԥсыреи. Анемеццәа хыԥхьаӡарала ишеиҳазгьы, еиҳа иманшәалаз аҭагылазаашьа бзиақәа шрымазгьы, ԥхьаҟа рцара аанкылан.
Аибашьра ӷәӷәақәа цон ашьхақәа рҿы. Гәдоуҭатәи ахыҵырҭаҿы аӷа ируааи асовет баталионқәа ҩбеи еиҿагылеит, Доутәи ахыҵырҭаҿы – аҟәатәи аибашьцәеи аҭыԥантәи хатәгәаԥхарала аибашьцәеи хымш рыҩнуҵҟа аӷа иҿагылан.
Цәыббрамза алагамҭазы Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи уахь ацхырааҩцәа неит. Аполковник Иван Пиашев инапхгарала аконтржәылара иалагеит. Цәыббрамза 9 рзы Ԥсҳәы ақыҭа афашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.