Аԥсны

"Чертаново" ашьапылампыласцәа аазгаз аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Москватәи ашьапылампылтә клуб "Чертаново" ашьапылампыласцәа аазгаз аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы асасцәа шәаҳәарыла, кәашарыла ирԥылеит.
Ашьапылампыласцәа ишырԥылаз џьаршьеит, гәахәарылагьы ирыдыркылеит.
"Гәыкала ишаҳԥылоз ҳдыруан, аха асҵәҟьа иԥханы иаҳԥылоит ҳәа ҳгәы иаанагомызт", — рҳәеит дара.
Акомандақәа "Аԥсни" "Чертановои" рдебиуттә хәмарра мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәамза 30 рзы Аҟәа, "Динамо" астадион аҿы.