Аԥсны

Ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" акоманда "Чертановои" реицыхәмарра иалагеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" акоманда "Чертановои" реицыхәмарра иалагеит.
Ахәмарҩцәа ашьапылампылтә дәы иқәлеит.
Аԥсуа шьапылампыласцәа ауапеи ахҭарԥақәеи рышәҵаны ицәырҵит. Ахәмарра аадыртит DJ Shiri-и ансамбль "Гәындеи" альбом RAIDA аҟынтәи ашәақәа рынагӡарала.
Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба еизаз зегьы аспорттә ныҳәа рыдиныҳәалеит, акомандақәа аманшәалара рзеиӷьеишьеит.
"Динамо" аҟны иадырҳәеит Аԥсни Урыстәылеи ргимнқәа. Аӡбаҩ ашәыршәыр иргеит. Ампыл ахәмарра иалеигалеит СССР аспорт азҟаза Ахрик Цәеиба.