АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба астадион "Динамо" ахь днеит, араҟа сааҭбжак ашьҭахь еицыхәмарраны иҟоуп ашьапылампылтә клуб "Аԥсни" акоманда "Чертановои".
Аҳәынҭқарра ахада акоманда "Аԥсны" дадгылоуп, иара аԥсуа шьапылампыласцәа рклуб аазырԥшуа акьаҿ ишәуп.
Ахәмарра иалагоит асааҭ 20:00 рзы. Акомандақәа ашьапылампылтә дәы иқәлахьеит, уажәазы абаҩрҵәыра ҟарҵоит.