Аԥсны

Иаарту аиԥылара "Аԥсны амедиа ҿыцқәа. Ақәҿиарақәа рымҩа" мҩаԥгахоит цәыббрамза 3 рзы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Иаарту аиԥылара "Аԥсны амедиа ҿыцқәа. Ақәҿиарақәа рымҩа" мҩаԥгахоит цәыббрамза 3 рзы "Гәыма".
Асасцәа — актиор Ҭемыр Ҭаниа, иара убас анеироҳақәа рхархәаразы аусдырыҩ Михаил Неустроев.
Ауснагӡатә аҟны дара еиҭарҳәоит иахьатәи амедиа ҿыцқәа раамҭазы амилаҭтә хаҿра аиқәырхара шалшо, анеироҳақәа рхархәарала амедиаҿы аус зуа рус дырманшәалар шыҟало дырбахоит. Иалагоит — асааҭ 14:00 рзы.
Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" цәыббрамза 15 рҟынӡа имҩаԥысуеит. Уи иалахәхар рылшоит қәрала еиуеиԥшым ажурналистцәа, аблогерцәа, апродиусерцәа, асценаристцәа, арежиссиорцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа.