Аҟәа нанҳәамза 30 рзы ахҭыс ду ҟалеит - Аԥсны акоманда раԥхьаӡа акәны урыстәылатәи Амедиатә шьапылампылтә лигаҿы официалла иқәгылеит.
Аҳҭнықалақь астадиона "Динамо" атрибунақәа кәапеишәа иҭәын - ашьапылампыл абзиабаҩцәа абираҟқәа кны, зегьы иреиӷьаршьо ркоманда асимволика шьҭыхны аспортсменцәа ишрыдгыло аадырԥшуан.
"Аԥсны" ари ауха 0:3 ҳәа ишаҵахазгьы, ареспублика ауааԥсыра ари ашьапылампыл аныҳәа акыраамҭа ирхашҭуам.