https://sputnik-abkhazia.info/20250831/ashapylampyl-anya-asni-chertanovoi-reitsykhmarra-1057215675.html
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Чертановои" реицыхәмарра
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Чертановои" реицыхәмарра
Sputnik Аҧсны
Аҟәа нанҳәамза 30 рзы ахҭыс ду ҟалеит - Аԥсны акоманда раԥхьаӡа акәны урыстәылатәи Амедиатә шьапылампылтә лигаҿы официалла иқәгылеит. 31.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-31T16:20+0300
2025-08-31T16:20+0300
2025-08-31T19:53+0300
аԥсны
ашьапылампылтә медиалига
аԥсны
аспорт
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1e/1057212035_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_19f28d26916b06676ead54865636b6a5.jpg
Аҟәа нанҳәамза 30 рзы ахҭыс ду ҟалеит - Аԥсны акоманда раԥхьаӡа акәны урыстәылатәи Амедиатә шьапылампылтә лигаҿы официалла иқәгылеит. Аҳҭнықалақь астадиона "Динамо" атрибунақәа кәапеишәа иҭәын - ашьапылампыл абзиабаҩцәа абираҟқәа кны, зегьы иреиӷьаршьо ркоманда асимволика шьҭыхны аспортсменцәа ишрыдгыло аадырԥшуан. "Аԥсны" ари ауха 0:3 ҳәа ишаҵахазгьы, ареспублика ауааԥсыра ари ашьапылампыл аныҳәа акыраамҭа ирхашҭуам.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/1e/1057212035_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_14fd3635842fd75df31bebe52da8954a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ашьапылампылтә медиалига, аԥсны, аспорт, фото, афотосахьақәа
ашьапылампылтә медиалига, аԥсны, аспорт, фото, афотосахьақәа
Ашьапылампыл аныҳәа: "Аԥсни" "Чертановои" реицыхәмарра
16:20 31.08.2025 (ирҿыцуп: 19:53 31.08.2025) Аҟәа нанҳәамза 30 рзы ахҭыс ду ҟалеит - Аԥсны акоманда раԥхьаӡа акәны урыстәылатәи Амедиатә шьапылампылтә лигаҿы официалла иқәгылеит.
Аҳҭнықалақь астадиона "Динамо" атрибунақәа кәапеишәа иҭәын - ашьапылампыл абзиабаҩцәа абираҟқәа кны, зегьы иреиӷьаршьо ркоманда асимволика шьҭыхны аспортсменцәа ишрыдгыло аадырԥшуан.
"Аԥсны" ари ауха 0:3 ҳәа ишаҵахазгьы, ареспублика ауааԥсыра ари ашьапылампыл аныҳәа акыраамҭа ирхашҭуам.

Аҟәа имҩаԥысит ашьапылампыл аныҳәа ззуҳәаҵәҟьаша.

Акомандақәа "Аԥсни" "Чертановои" еиԥылеит астадион "Динамо" аҿы.

Аԥсуа шьапылампыласцәа ашҭа иқәлеит ауапақәа рышәҵаны, ахҭарԥақәа рхаҵаны, ашәа "Аҳаҳаи, амарџьақәа" аҿакны.

Аԥснытәи акоманда Амедиалигаҿы раԥхьатәи ахәмарра иахәаԥшуан ачынуаа дуқәа, Аԥсны ахада Бадра Гәынба раԥхьа днаргыланы.

Атрибунақәа кәапеишәа иҭәын.

Ахәмарраан акыр ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа аԥырҵон.

Амедиафутбол - Аԥсназы иҿыцу спортхкуп.

Аԥсуа шьапылампыласцәа амба акырынтә иажәлеит.

Аконтент - амедиафутбол иахәҭа хаданы иҟоуп.

Ахәмарра х-минуҭк ҳәа иаларгалеит ампыл ҟаԥшь, уи амба иҭазыршәуа акоманда иаразнак ҩ-кәаталак аиуеит.

"Чертаново" акоманда амбахьчаҩ дыӷәӷәан.

Москватәи акоманда иара убас 12-тәи ахәмарыҩ иалагаларазы ирымаз азин рхы иадырхәеит.

Аԥснытәи аспортсменцәа даара адгылара ӷәӷәа рыман ахәаԥшцәа рҟынтәи.

Ашьапылампыл иахәаԥшырц арахь иааит 8 нызқьҩык инареиҳаны абзиабаҩцәа.

Абираҟқәа шьҭыхны, "Аԥсны! Аԥсны!" ҳәа зегьы еицҿакны иҿырҭуан.

Ари ахәмарра ауаа ргәылаҟазаара акыр ишьҭнахит.

Ари амш зыла иабаз макьана акыраамҭа ирхашҭуам.