АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Атуризм аминистрра атуристтә индустриа аҿиаразы Аконцепциа аус адулара иаҿуп, абри атәы арадио Sputnik аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистрра аиҳабы Асҭамыр Логәуа.
"Хаз иго елементқәак азырхиоуп. Ҳара ҳашьхақәа ҳаԥшаҳәаасҭа еиҵам рыԥшӡара ҳәа ҳҳәоит, уи азы Аԥсны ашьхатә туризм аҿиара ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит иара.
Иара убас, аусбарҭаҿы агротуризм аларҵәара азԥхьагәаҭаны иамоуп. Уи, ари аусхк аҿиара аконцепциаҿы, ихадоу ахырхарҭақәа иреиуахоит.
Ихадоу аҽа факторны иҟоуп амаҵзура аҩаӡара аиӷьтәра. Уи азы Аԥсны аусура иалагеит "Асасдкылара Академиа".
Уаанӡа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Атуризм аминистрра анапынҵа аиҭеит 2030 шықәсанӡа атуристтә индустриа аҿиаразы Аконцепциа апроект аус адуланы аиҿкааратә елементқәа зцу атуристтә мҩақәа рмодернизациазы ажәалагалақәа аздырхиарц.