Аԥсны

Шә-нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа аанагахьеит "Диоскуриа" аныҟәара ианалага инаркны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Шә-нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа аанагахьеит адәыӷба "Диоскуриа" аныҟәара ианалага инаркны.
"Урыстәылатәи адәыӷбамҩақәа" адыррақәа рыла, нанҳәамзазы адәыӷба 34,7 нызқьҩык ауаа мҩаннагеит.
Еиҳа еицырдыруа ахырхарҭақәа иреиуоуп: Имеретинтәи акурорт — Аҟәа, Имеретинтәи акурорт — Гагра.
Афымцадәыӷба "Диоскуриа" лаҵарамза 1 азы амаршрут Аҟәа — Сириус ала аныҟәара иалагеит.