АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Аҟәа афымцаԥхьаӡагақәа рышьақәыргылара иацҵоуп ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иԥылараан.
"Иазԥхьагәаҭоу 29 нызқь абонентцәа рҟнытә 13 нызқь рҟынӡа ықәыргылоуп. Ҳара ари ақалақь аҿы афымцамч ахархәара ахаҭабзиара аизырҳареи аенергетикатә система арҿыцреи рзы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҳаԥхьаӡоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Агрба иажәақәа рыла, уи инаваргыланы оперативтә штаб аус ауеит. Аҵыхәтәантәи ҩымз рыла 450 инареиҳаны ахыбрақәа гәаҭн, иҟоуп урҭ рҿы изакәанымкәан афымцацәаҳәа ахьаҿаԥшьыз.
Еизгоу аматериалқәа аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы Аҳәынҭстандарти "Амшынеиқәафымцамчи" рахь ирышьҭуеит иақәнагоу аусқәа рыдкыларазы.