АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Черқьесск ақалақь ашьақәгылара 200 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба уҳәа егьырҭ ахаҭарнакцәагьы.
Дара иахьа Ҟарачы-Черқесстәи аԥсуа хатәгәаԥхарауаа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ауаажәларратә еиҿкаара "Абаза" аофис иаҭааит.