АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Аҟәа амҽыша иауз ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз ацхыраара шрырҭаша атәы иалацәажәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы.
Ауааԥсыра ахадара иадҵаалоит, ахатәыҩнқәа рҿы агәараҭақәа, аҩнеихагылақәа рҿы ауадақәа аӡы рыҵалеит.
Иацы, ақалақь ахадара аусзуҩцәа ааха зауз амҩадуқәеи ашҭақәеи гәарҭеит, иҟалаз ааха ахәшьара арҭеит, аиҭашьақәыргыларазы ауааԥсыра ацхыраара шрырҭо азы адырра рырҭеит. Иара убас, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҭааразы анапынҵа ҟаиҵеит.
Иааиуа амшқәа рзы Аҟәа еиҭа ақәа леир алшоит, убри аҟнытә акоммуналтә усбарҭақәа русура рӷәӷәоуп, абри атәы аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура.