Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахада ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыра дырҭааит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыра дырҭааит.
Аҟәа ақалақь ахада ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыра дырҭааит
Урҭ иреиуоуп Гәымсҭа аиланхарҭаҿы аҩнеихагыла №6. Уаҟа х-еихагылак аӡы рыҩналеит — 9-тәи инаркны 6-тәи аҟынӡа, насгьы, ауааԥсыра изларҳәо ала, аӡы аҭуан аҟынтәи мацара акәымкәа, аҩны аҭыӡқәа ирыбжьалангьы иаауан.
Уи адагьы, Кәыдрытәи амҩаду аҿы иҟоу ҩнқәак ааха роуит. Уажәы ахадара аусзуҩцәа агәаҭаратә актқәа реиқәыршәара иаҿуп.
Аҟәа ақалақь ахада ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыра дырҭааит
Аҳҭнықалақь ахадараҿы ирҳәеит иахьа Агрба аилатәара шымҩаԥиго, уа аԥхасҭа зауз рсиақәа идыргалараны ишыҟоу.