Аԥсны

Аҟәа зегьы фымцала еиқәыршәоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аҟәа зегьы фымцала еиқәыршәоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра.
Иахьа ашьыжь иҵысыз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа раионқәак лашарада иҟан. Асааҭ 14:00 рзеиԥш ақалақь ахәҭак ауааԥсыра алашара рырҭеит, аенергетикцәа реиҳа изыдхалаз астанциаеиҵақәа иреиуоуп адыд-мацәыс засыз "Баслаҭа".