Урыстәыла

Адлер хаҵак дҭахеит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыжәлара иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Адлер хаҵак дҭахеит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыжәлара иахҟьаны.
Адрон аԥҽыхақәа иара зыԥсҟы икыз амашьына иақәҳаит ҳәа адырра ҟаиҵеит агубернатор Вениамин Кондратиев.
Уи адагьы, ажәылара иахҟьаны 6-ҩык ахатәыҩнқәа ааха роуит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, уахынла украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 31 карыжьит. Урҭ рахьтә 15 — Амшын еиқәа агәаны иҭархан, ҩба — Краснодартәи атәылаҿацә аҿы.