Аԥсны

Амшцәгьа иахҟьаны зыҩнқәа аԥхасҭа роуз атәылауаа ацхыраара рыҭахоит ҳәа иҳәеит Гәынба

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Амшцәгьа иахҟьаны зыҩнқәа аԥхасҭа роуз атәылауаа ацхыраара рыҭахоит, рмазара иаиуз ааха харҭәаахоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Иара иажәақәа рыла, ашьыжь иауз ақәаршҩы атәыла х-раионк рҿы аԥсхасҭа рнаҭеит.
"Акапиталтә ргыларатә усбарҭа ахылаԥшратә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгареи, урҭ рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхреи уаҵәы инаркны иалагарц азы анапынҵа рыҭоуп. Аҟәа акәзар, ақалақь ахадареиԥш Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррагьы анапынҵақәа рыҭоуп ", — иҳәеит иара.
Аԥсны
Аҟәа ақалақь ахада ақәаршҩы иахҟьаны ааха зауз аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыра дырҭааит