Аԥсны

Аспортзал ҿыц аартуп Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аспортзал ҿыц аартуп Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны.
Ахыбра ргылан Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьыз аԥарақәа рыла, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аспортзал ҿыц аартра далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәеиҭеит аҿар рааӡараҿы рбаҩрҵәыра акырӡа шаҵанакуа.
Атәыла ахада даҭааит ашкол аҟны еиҿкаау аетнографиатә музеии Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҳаҭыраз еиҿкаау амузеии, иара убас ашколхәыҷқәеи иареи еицәажәеит.