АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Иааиуа амшқәа рзы Аԥсны амш ҭышәынтәалахом ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Диана Ҭраԥшь.
Ареспубликаҿы илеиз ақәаршҩы атәыла Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахылаз атмосфератә фронт хьшәашәа иадҳәалоуп. Убри аан иахьатәи алышәшәақәа цәыббрамзазы абжьааԥны иҟалало ауп, иџьоушьартә иҟам ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
"Цәыббрамза 9-10 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ҭыԥқәак рҿы — акырцх. Ахәашеи асабшеи аҳауа ԥхаррахоит, 21-26°C инаӡоит. Аԥша ҭынчхоит, 3-8 метра секундк ала, аамҭа-аамҭала 11-16 метра рҟынӡа аҽарӷәӷәалоит", — лҳәеит Диана Ҭраԥшь.