АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи ргәыԥ Аԥсныҟа иааит.
Агәыԥ 22-ҩык аҳақьымцәа алахәуп: анестезиологцәа-ареаниматорцәа, атравматолог-хирургцәа, атерапевтцәа, акардиологцәа, апедиатрцәа уҳәа егьырҭ аспециалистцәа. Урҭ аԥснытәи рколлегацәа акурорттә аамҭа нҵәаанӡа ацхыраара рырҭалоит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра есышықәса акурорттә аамҭаан ҳмедицинатә усбарҭақәа рахь аҳақьымцәа аанашьҭуеит, уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ареспублика асасцәеи еиҳа зхаҭабзиара ҳараку, изаамҭанытәиу ацхыраара рыҭара алнаршоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны агәабзиархьчара аминистр Едуард Быҭәба.