АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аҟәа ауаҩы дишьит ҳәа агәҩара зду Аинар Аҩӡба иганахь ала ашьаус аартуп.
Аҟәа араион апрокуратура излаанацҳауа ала, цәыббра 8 рзы, Гәымсҭа ақыҭан иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ аҿы Аинар Аҩӡбеи Ашот Хачикиани рыбжьара аимак ҟалеит, урҭ еибаԥҟеит, уи аамҭазы арыжәтә ыжәны иҟаз Аҩӡба, Макаров итапанчала ԥшьынтә Хачикиан диеихсит.
Хачикиан иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿ дахьнаргаз иԥсҭазаара далҵит.
Агәҩара ззыҟоу даанкылоуп.