АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган.
Агәаҭарақәа мҩаԥыргеит аҳәынҭқарратә наркодиспансер аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аҟәшақәа руак аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ргәаҭарақәа атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала имҩаԥысуеит.
Агәаҭарақәа раан амаҭәашьар зыдкыло аарԥшхар, урҭ русурахь ахынҳәра азин рымамкәа рмаҵура иалцахоит.