АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аиԥалараҿы далацәажәеит аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи, агәамсам ақәгареи, аҭыԥантәи ахаланаԥхараҭарақәа рахь алхрақәа рҽазыҟаҵареи ҳәа аанацҳауеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит ашҭақәеи, амҩадуқәеи, ацҳақәеи, ашьаҟатә ҭыӡқәеи ргәаҭаразы, ааха зауз араионқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иаарласны аҳасабырба ҟарҵарц.
Гәынба, иара убас, аԥыза-министр Владимир Делбеи Гагра араион ахада Иури Хагәышьи анапынҵа риҭеит агәамсам ақәгаразы шәачатәи аилахәыреи дареи агәаҭаратә проект алагара аус адыруларц.
Уи адагьы, аҳәынҭқарра ахада аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхратә процесс аиҿкааразы адҵақәа риҭеит.
Иазгәеиҭеит, аекологиатә шәарҭадареи ааха зауз аҭыԥқәа реиҭашьақәыргылареи хаҭала дшырхылаԥшуа.