Аԥсны

Шамбеи Қацәбеи ирҳәеит зажәаҳәа аҿиара ԥку ахәыҷқәа ашколқәа рҟны ирзаԥҵоу аҭагылазаашьа

Sputnik
Ахәыҷқәа рылшарақәа рыҭҵааразы аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи злоу акомиссиа ҳамаӡам Аԥсны, абри атәы лҳәеит ареспублика аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба, зажәаҳәа аҿиара ԥку ахәыҷқәа рзы ашколқәранӡатәи аҵараиурҭақәеи ашколқәеи рҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы дырзааҭгыло.
Апедагогикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Ирма Қацәба илҳәеит Аԥсны апедагогикатә институт аҟны алогопедиа аганахьала аметодикатә цхыраагӡақәа ԥсышәала реиқәыршәара иаҿуп ҳәа.
Аметодикатә цхыраагӡақәа ԥсышәала реиқәыршәаразы аус адызуло аспециалистцәа ҳацәмаҷуп ҳәа азгәалҭеит лара.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.