АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа.
"Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Абаҟа аартра азкын ақыҭа афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны 1963 шықәсазы ақыҭа агәҭаҿы анышә иамардеит.