Аԥсны

Блабба: аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩнуҵҟа афымцамч ахәԥса ашәарақәа акырӡа еиӷьхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Иҳаҩсыз аҵыхәтәантәи ахышықәса рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы ашәарақәа акырӡа еиӷьхеит иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Афымцамчҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
"2022 шықәса нанҳәамзазы афымцамч азы абонентцәа рҟынтәи 34,4% аԥара шәазҭгьы, 2025 шықәса нанҳәамзазы уи 75,6% рҟынӡа инаӡеит", — иҳәеит иара.
Блабба иажәақәа рыла, аизгара аизҳара ҳаамҭазтәи ашәага-загақәа рышьақәыргыларагьы иадҳәалоуп.
Афымцамч азы иреиӷьны аԥарашәарақәа азгәаҭоуп Гагра араион аҿы, уаҟа 90% рҟынӡа абонентцәа афымцамч ахә ршәоит. Аҭагылазаашьа зегь реиҳа ицәгьоуп Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа рҿы. Уи зыхҟьо арҭ араионқәа рекономикатә ҿиара аԥсыҽра ауп ҳәа азгәеиҭеит аҟаза.