АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Амилаҭтә культура аҿиареи абеиахареи аналшо егьырҭ акультурақәа ианрымадоу ауп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Еидгылоу акультурақәа рфорум аҿы дықәгылеит.
"Ҳтәыла аханатә милаҭрацәала еилоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ишьақәгылеит, убри иабзоуроуп иара ҽакы иаламҩашьо акультуратә палитра ҭбаа, аҳәынҭқарра дуӡӡа астатус замоу — ииашаҵәҟьаны иара беиоуп иҳәаадоу аҟазара, аҭҵаарадырра, алитература", — ҳәа иҳәеит иара.
Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит амилаҭтә беиарақәа рыхьчареи убри аан иахьатәи аамҭа иаҳзаанаго аҿыцрақәеи реишьаршәалара шаҭаху.
Афорум мҩаԥысуеит аҩадатәи аҳҭнықалақь хадаҿы цәыббрамза 11 инаркны 13 рҟынӡа, уи атема хада "Акультурахь ахынҳәра – алшарақәа ҿыцқәа". Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы.