Аԥсны

Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини уи ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит шәышықәсала Москва абаҩхатәрақәа здызԥхьало, аихьӡара дуқәа ирҭыԥны ишыҟаз, иахьагьы аҭоурыхтә ҭынха қәҿиарала иахьҿио, иахьеиқәдырхо аҭыԥ акәны ишаанхо.
"Сара ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы иаԥхьагылоу арегионқәа иреиуоу Москвеи Аԥсни ирыбжьоу акырзҵазкуа аимадара. Москва акыр шықәса раахыс ганрацәалатәи адгылара ҳанаҭоит, уи ҳтәыла аҿиараҿы ароль ду нанагӡоит. Асоциал-економикатә, акультуратә, агуманитартә усхкқәа рҿы аимадара традициала ҳаизыҟазаашьа ԥхақәа арӷәӷәоит, аҵакы ҿыц рынаҭоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба ахә ҳаракны ишьеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы Москва иҟанаҵо алагала, москваа ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи.