https://sputnik-abkhazia.info/20250913/badra-gynba-moskva-akhada-sergei-sobianini-ui-auaasyrei-aala-amsh-rydinyaleit-1057519509.html
Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини уи ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит
Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини уи ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит. 13.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-13T11:09+0300
2025-09-13T11:09+0300
2025-09-13T11:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1c/1056478990_0:197:2941:1851_1920x0_80_0_0_3e38cb6c763267aec33afc6aad05285d.jpg
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит шәышықәсала Москва абаҩхатәрақәа здызԥхьало, аихьӡара дуқәа ирҭыԥны ишыҟаз, иахьагьы аҭоурыхтә ҭынха қәҿиарала иахьҿио, иахьеиқәдырхо аҭыԥ акәны ишаанхо. Гәынба ахә ҳаракны ишьеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы Москва иҟанаҵо алагала, москваа ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/1c/1056478990_106:0:2837:2048_1920x0_80_0_0_7cc5b037493a60bea8900804dda2201f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, бадра гәынба
Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини уи ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш
рыдиныҳәалеит.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит шәышықәсала Москва абаҩхатәрақәа здызԥхьало, аихьӡара дуқәа ирҭыԥны ишыҟаз, иахьагьы аҭоурыхтә ҭынха қәҿиарала иахьҿио, иахьеиқәдырхо аҭыԥ акәны ишаанхо.
"Сара ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы иаԥхьагылоу арегионқәа иреиуоу Москвеи Аԥсни ирыбжьоу акырзҵазкуа аимадара. Москва акыр шықәса раахыс ганрацәалатәи адгылара ҳанаҭоит, уи ҳтәыла аҿиараҿы ароль ду нанагӡоит. Асоциал-економикатә, акультуратә, агуманитартә усхкқәа рҿы аимадара традициала ҳаизыҟазаашьа ԥхақәа арӷәӷәоит, аҵакы ҿыц рынаҭоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба ахә ҳаракны ишьеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы Москва иҟанаҵо алагала, москваа ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи, аҭынчреи, аизҳазыӷьареи.