АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа Калининград имҩаԥысуаз зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәылазегьтәи атурнир "Балтика Ахраҿа" аҿы аиааирақәеи аԥхьахә ҭыԥқәеи ааныркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Актәи аҭыԥ — Леонид Арсҭаа, Никита Лежиа, Азамаҭ Лазба,
Аҩбатәи аҭыԥ — Максим Адлеиба, Данил Допуа,
Ахԥатәи аҭыԥ — Баграт Сақаниа, Данил Басариа.
Аспортсменцәа абарҭ азыҟаҵаҩцәа ирааӡамҭацәоуп — Игорь Бераиа, Мераб Хашба, Размик Алабиан, Дауҭ Лазба, Адгәыр Адлеиба.
Атурнир мҩаԥысуан цәыббрамза 13-14 рзы аспорттә хан "Ақәыԥшра" аҿы. Уи иалахәын Урыстәыла арегионқәа 15 рхаҭарнакцәа, урҭ ақәратә категориақәа хәба рыла еицлабуан.